Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Зеленски иофис: аурыс-украинатәи аиҿцәажәарақәа акаҿы разааибагара ааигәахоит

Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәарақәа ирызкны Белоруссиа х-еиԥыларак мҩаԥысит, аҵыхәтәантәи мҩаԥган хәажәкыра 7 рзы Беловежтәи абнараҿ.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Украина ахада иофис абжьгаҩ, украинатәи аиҿцәажәарақәа ргәыԥ алахәыла Михаил Подолиак иҳәеит урыстәылатәии украинатәии аганқәа акаҿы разааибагара ааигәахоит, аиқәшаҳаҭра архиара иалагеит ҳәа аҩуеит РИА Новости, "Коммерсант" шьаҭас иҟаҵаны.
Аганқәа макьана аиқәшаҳаҭра инҭкааны ицәырыргом иҳәеит иара.

Наҟ-ааҟтәи аиԥылара азинтә формат ала ианеиқәыршәахалакгьы, аԥшьбатәи аиԥылара аҿҳәара аҭахоит. Уи уаҵәы ма уаҵәашьҭахь акәхар ҟалоит. Ҳара азҵаарақәа зегьы ҳрылацәажәеит, уажәы урҭ азҵаарақәа азин шьаҭала аҭыԥ иқәҳҵоит", - иҳәеит Подолиак.

Иара иазгәеиҭеит аиҿцәажәарақәа ирылҵшәахар шакәу Урыстәылазы ашәарҭадара ахәдықәҵарагьы, иара убас Украина ҽазнык аконфликт иақәымшәартә аҟаҵарагьы.
Урыстәыла Украина ааратә аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Хықәкысгьы иамоуп Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рымҩаԥгара. Урыстәыла ахада аоперациа ҷыда алагара рылаҳәо, иазгәеиҭеит уи аа-шықәса рыҩнуҵҟа киевтәи арежим агеноцид зызнауаз ауааԥсыра рыхьчара ишазку.