Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Асоциалтә ҳа ВКонтакте абизнес маҷи абжьаратәии адгылара рынаҭоит

Аилахәыра Meta асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәыла атәылауаа кыдырцалаларц азы ааԥхьарақәа рзин ахьыҟанаҵаз инамаданы, Роскомнадзор аӡбарала асоциалтә ҳақәа Instagram, Facebook Урыстәыла аҵакыраҿы русура аанкылахоит хәажәкыра 14 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Асоциалтә ҳа ВКонтакте аинтернет-дәқьанқәа русуразы иахәҭоу ҟанаҵоит, анаплакыҩцәагьы русқәа реиҿкаараҿы ацхыраара рынаҭоит ҳәа аҳәоит аилахәыра асаит.
"Асоциалтә ҳаҿы аусуразы абизнес даҟьа аарттәуп, атауарқәеи амаҵзурақәеи рзы аинформациа ацҵаны. Ари мариоуп. VK адгыларатә маҵзурақәа арӷәӷәеит ирласны азыҳәақәа рҭак аҟаҵаразы", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Аинтернет-дәқьан Бизнес ВКонтакте аплатформаҿы аӡыргара хәыда-ԥсадоуп. Атауарқәа реиԥш амаҵзурақәагьы рӡыргара ҟалоит. Асервис адәқьанқәа ирныруеит API (Application Programming Interface) ала, аинтернет-системақәа дара-дара реиныррала, аԥарашәаратә системақәа змоу асаитқәа рыла.
Роскомнадзор Урыстәыла иахьаҵанакуа Facebook аусура ааннакылоит
Уи адагьы, ВКонтакте аҭиҩцәа алшара рнаҭоит аҩнуҵҟатәи амаҵзура VK Pay ала аԥарадкылара. Иара урыстәылатәи абанкқәа рыхсаалагақәа зегьы аус рыцнауеит.

Анаплакыҩцәа рзы иара убасгьы иҟоуп алшара Boxberry, аекспресс куриерцәа русбарҭа (СДЭК) рыла ԥошьҭала ма акуриерцәа рыла аҿаҵа аларҵәара.

Уаанӡа Facebook-и Instagram-и зхатәу аилахәыра Meta аҳәамҭа ҟанаҵахьан аамҭала Урыстәыла, Украина, Польша, Латвиа, Литва, Естониа, Венгриа, Румыниа, Словакиа рҟны асоциалтә ҳақәа рҿы Урыстәыла атәылауаа кыдырцалаларц ааԥхьарақәа рзин шыҟанаҵо. Роскомнадзор ари зеиԥш ҟамлац акәны иахәаԥшуеит. Аӡбаралагьы Facebook Урыстәыла аҵакыраҿы иԥкуп. Instagram азы аӡыбрақәа амчра роуеит хәажәкыра 14 асааҭ 00:00 инаркны. Ахархәаҩцәа рхатә дыррақәа егьырҭ асоциалтә ҳақәа рахь ииаргартә аамҭа рыҭан.