Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылаа уаанӡа иаартыз аҳәаанырцәтә ԥхьаӡамҭақәа рахь авалиута шырзиаго рарҳәеит

Ара излацәажәо 2022 шықәса хәажәкыра 1 аҟынӡа иаартыз аҳәаанырцәтә банктә ԥхьаӡамҭақәа роуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Урыстәыла арезидентцәа ирылшоит рфилиалқәеи рхаҭарнакрақәеи рԥаразоужьразы аҳәаанырцәҟа авалиутақәа риагара. Ииарго аԥарақәа ииасыз ашықәс азтәи аԥаразоужьра ахышәаҵышәа еиҳамхароуп ҳәа аҳәоит аминистрра арелиз аҿы.
"Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә ҭышәынтәалара аиқәыршәаразы аекономикатә ҟазшьа змоу аамҭалатәи ауснагӡатә цҵақәа рынагӡаразы аӡбара аднакылеит: Урыстәыла арезидентцәа рфилиалқәеи рхаҭарнакрақәеи рԥаразоужьразы аҳәаанырцәҟа авалиутақәа риагара азин рымоуп. Убри аан ииарго аԥарақәа ииасыз ашықәс азтәи аԥаразоужьра ахышәаҵышәа еиҳамхароуп", - аҳәоит адырраҭара.
Путин атәылауааи абизнеси адгылара рыҭараз ауснагӡатәқәа инапы рыҵаиҩит
Иара убасгьы азин ҟаҵоуп уалафахәык, арендатә шәарак, хәызмоу ақьаадқәа рзы егьырҭ апроценттә шәарақәеи аҳәаанырцәтә банкқәа рҿы валиутала аԥхьаӡамҭақәа рыҟаҵара. Уи адагьы УА атәылауаа азин рымоуп 2022 шықәса хәажәкыра 1 аҟынӡа аҳәаанырцәтә банкқәа рҿы иаартыз аԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи аԥарақәа егьырҭ аҳәаанхыҵтә ԥхьаӡамҭақәа, ззы аинформациа урыстәылатәи ашәахтә усбарҭақәа идырдыру, рахь риагара.