Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Адунеизегьтәи абанк ахада Урыстәыла асанкциақәа ирхырҟьоу ВВП аахақәа ахәшьара риҭеит

Мраҭашәара Украина абџьархыхразы Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иахырҟьаны асанкциақәа аланагалеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15- Sputnik. Урыстәыла иадҟаҵалоу асанкциақәа адунеитә ВВП анырра ӷәӷәа арҭоит иара арратә операциа ахаҭа аасҭа ҳәа иҳәеит Адунеизегьтәи абанк ахада Девид Мелпасс агазеҭ Washington Post имҩаԥнагаз ауснагӡатә аҟны.
Мелпасс игәаанагарала Украинатәи аҭагылазаашьа хара имгакәа адунеитә економика анырра анаҭоит.

"Урыстәыла иадҟаҵалоу асанкциақәа адунеитә ВВП анырра ӷәӷәа арҭоит иара арратә операциа ахаҭа аасҭа", - иҳәеит иара.

Убри аан Адунеизегьтәи абанк ахада иазгәеиҭеит, егьырҭ атәылақәа ирласны ршьапы иқәгылар алшоит Урыстәылеи Украинеи рҟынтәи афымцамлшарақәеи афатә-ажәтәқәеи рмоура иахьмырԥшыкәа. Иара игәаанагарала шықәсык аҩнуҵҟа урҭ атәылақәа рқыҭанхамҩа аҭагылазаашьа рҽандыршәар рылшоит.
Мраҭашәара Украина абџьархыхразы Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иахырҟьаны асанкциақәа аланагалеит, урыстәылатәи абанкқәеи анаплакқәеи рганахь алагьы. Москва иазгәанаҭеит мраҭашәаратәи аилахәырақәа ирыҭаз ақәымчра иахҟьаны асанкциақәа аларгалар акәхеит ҳәа, аха Урыстәыла Мраҭашәара иаԥнаҵаз ауадаҩрақәа зегьы ириааиуеит ҳәа.