Аԥсны

Афонд "Кьараз" зхылаԥшуа ргәабзиара агәаҭара хәыда-ԥсада амедусҳәарҭақәа рҿы имҩаԥгахалоит

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәыни аиҿкаара амедицинатә программақәа рхылаԥшыҩ Алиса Тыҩԥҳаи реиԥылара мҩаԥысит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Афонд "Кьараз" зхылаԥшуа ргәабзиара агәаҭара хәыда-ԥсада амедусҳәарҭақәа рҿы имҩаԥгахалоит - планлатәи аҭҵаарақәа, алабораториатә диагностикақәа. Аиԥылараан абри атәы иҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
"Ҳахәшәтәырҭақәа уаанӡагьы ари аҩыза ацхыраара ҟарҵон. Уи ԥхьаҟагьы иацҵахоит", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын иазгәеиҭеит "Кьараз" 300 ҭаацәара рҟынӡа ацхыраар рнаҭоит.
Афонд апрограммақәа иреиуоуп еиҳа иуашәшәыроу амедицинатә цхыраара рыҭара, рыхәшәтәра, хәшәыла реиқәыршәара.