АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 аҿы аиҭалхрақәа анымҩаԥырго арыцху шьақәныргылеит.
Гәдоуҭатәи алхратә ҭыԥ хада №18 аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит лаҵарамза 14 2022 шықәсазы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны алхратә комиссиа хада.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 азы, иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы, даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит. Алхратә ҭыԥ хада №18 аҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
Аԥсны ахы-аҵыхәа абжьыҭара инеит 51,2% алхыҩцәа.