Аԥсны

Аслан Бжьаниа Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра идыиныҳәалеит

Аԥсуа шәҟәыҩҩы-апрозаик, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Алықьса Гогәуа диит 1932 шықса хәажәкыра 15 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ииубилеи идиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иҧа, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә. Шәара аҧсуа литературеи аҧсуа бызшәеи рыҿиараҟны злагаламҭа ахә ашьара уадаҩу, еицырдыруа милаҭтә шәҟәыҩҩы дуӡӡоуп", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Бжьаниа иҳәеит, Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа аԥсуа жәлар рзы доуҳатә мазараны ишыҟоу, аԥҵамҭақәа зегьы "афилософиатә ҵакыла еибыҭоуп, иҵаулоу, аԥсҭазааратә ҵакы змоу апроблемақәа цәырыргоит".
Аԥсны
Ажәлар рзы ихьӡырҳәагахаз: Алықьса Гогәуа иҿцәажәара
"Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иҧа, шәара шәыҧсҭазааратәи шәырҿиаратәи мҩа, ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан иаашәырҧшуаз атәылауаҩратә позициа, уи ацәхьамҵра иабзоураны ахаангьы ҳажәлар рыбзиабареи раҳаҭырқәҵареи шәаҧсан, хьӡи-ҧшеи шәыгмызт ҳтәыла аҩнуҵҟеиҧш уи анҭыҵгьы", - иҳәеит Ахада.
Атәыла ахада аклассик иизеиӷьеишьеит агәабзиара, арҿиаратә гәазыҳәара, ахирра.