https://sputnik-abkhazia.info/20220315/aslan-bzhania-alysa-gogua-90-shysa-ikhyra-idyinyaleit-1038122555.html
Аслан Бжьаниа Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра идыиныҳәалеит
Аслан Бжьаниа Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра идыиныҳәалеит
Sputnik Аҧсны
Аԥсуа шәҟәыҩҩы-апрозаик, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Алықьса Гогәуа диит 1932 шықса хәажәкыра 15 рзы... 15.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-15T10:45+0300
2022-03-15T10:45+0300
2022-03-15T10:45+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102043/02/1020430267_0:317:6017:3701_1920x0_80_0_0_fc59cf372eb34700d1d8b3bc743ebfea.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ииубилеи идиныҳәалеит.Бжьаниа иҳәеит, Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа аԥсуа жәлар рзы доуҳатә мазараны ишыҟоу, аԥҵамҭақәа зегьы "афилософиатә ҵакыла еибыҭоуп, иҵаулоу, аԥсҭазааратә ҵакы змоу апроблемақәа цәырыргоит"."Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иҧа, шәара шәыҧсҭазааратәи шәырҿиаратәи мҩа, ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан иаашәырҧшуаз атәылауаҩратә позициа, уи ацәхьамҵра иабзоураны ахаангьы ҳажәлар рыбзиабареи раҳаҭырқәҵареи шәаҧсан, хьӡи-ҧшеи шәыгмызт ҳтәыла аҩнуҵҟеиҧш уи анҭыҵгьы", - иҳәеит Ахада.Атәыла ахада аклассик иизеиӷьеишьеит агәабзиара, арҿиаратә гәазыҳәара, ахирра.
https://sputnik-abkhazia.info/20220306/azhlar-rzy-ikhyragakhaz-alysa-gogua-itsazhara-1037893407.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102043/02/1020430267_74:536:4566:3905_1920x0_80_0_0_1c4e619379b3d6eec34f9cbbb55fa9bb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аслан Бжьаниа Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра идыиныҳәалеит
Аԥсуа шәҟәыҩҩы-апрозаик, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Алықьса Гогәуа диит 1932 шықса хәажәкыра 15 рзы Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа ииубилеи идиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иҧа, гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәиубилеитә рыцхә. Шәара аҧсуа литературеи аҧсуа бызшәеи рыҿиараҟны злагаламҭа ахә ашьара уадаҩу, еицырдыруа милаҭтә шәҟәыҩҩы дуӡӡоуп", - ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы аҟны.
Бжьаниа иҳәеит, Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа аԥсуа жәлар рзы доуҳатә мазараны ишыҟоу, аԥҵамҭақәа зегьы "афилософиатә ҵакыла еибыҭоуп, иҵаулоу, аԥсҭазааратә ҵакы змоу апроблемақәа цәырыргоит".
"Ҳаҭыр зқәу Алықьса Ноча-иҧа, шәара шәыҧсҭазааратәи шәырҿиаратәи мҩа, ҳажәлар рзы еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа раан иаашәырҧшуаз атәылауаҩратә позициа, уи ацәхьамҵра иабзоураны ахаангьы ҳажәлар рыбзиабареи раҳаҭырқәҵареи шәаҧсан, хьӡи-ҧшеи шәыгмызт ҳтәыла аҩнуҵҟеиҧш уи анҭыҵгьы", - иҳәеит Ахада.
Атәыла ахада аклассик иизеиӷьеишьеит агәабзиара, арҿиаратә гәазыҳәара, ахирра.