Аԥсны

Гагра араион аҿы ахатәы ҩны блит

Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Ахатәы ҩны блит Гагра араион Чагрыԥшь ақыҭан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Амцакра ҟалеит ҳәа АҶА аҷаԥшьаҩ иахь аҭел иасит асааҭ 15:36 рзы аҩашаҽны.
Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит амцарцәага машьынақәа ԥшьбеи аиқәырхаратә гәыԥи.
Амцарцәаҩцәа ирылшоз зегь шыҟарҵазгьы аҩны зегь блит. Абылраан аӡәгьы машәыр имыхьӡеит.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амцакра арԥхагатә маруга иахҟьеит.
Аԥсны
Гагра ахатәы ҩны блит