Аԥсны

Иааиуа Аԥсны ачемпионат иалахәхоит ашьапылампылтә командақәа ааба

Ашьапылампыл азы изаамҭанытәиу ачемпионат хәажәкыра 24 азы иаадыртуеит гагратәи астадион аҿы цандрыԥшьтәи "Саӡи" аҟәатәи "Динамои" рыхәмаррала.
Sputnik
АҞӘА, ххәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. XXIX Аԥсны ачемпионат иалахәхоит ашьапылампылтә командақәа ааба ҳәа иҳәеит Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ Аԥсны ашьапылампылтә Федерациа ахада Ҭарашь Ҳагба.
Галтәи "Самырзаҟан", очамчыратәи "Ерцахә", аҟәатәи "Нарҭи" "Динамои", афонтәи акоманда "Афон", гәдоуҭатәи "Риҵа", гагратәи акоманда "Гагра", цандрыԥшьтәи "Саӡ".
"Ииасыз ашықәс азы очамчыратәи акоманда ахәмаррақәа ирылахәымызт, сынтәа Очамчыра араион ахадара алшарала "Ерцахә" ачемпионат иалахәхеит. Тҟәарчалтәи "Шахтер" сынтәа ачемпионат изалахәхом", - иҳәеит Ҳагба.
Ницца аԥхынразы имҩаԥысраны иҟоу ConIFA анапхгарала Европа ачемпионат аԥснытәи акоманда алахәхара азҵаара макьаназ иӡбам авизақәа риуреи алаҵаҟаҵареи ирыцу ауадаҩрақәа рзы, аха акоманда аҽазыҟаҵара иаҿуп иҳәеит Ҳагба.
Аԥсны
"Гагреи" "Нарҭи" Аԥсны Ахраҿа хада агаразы еиԥылараны иҟоуп