Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Лавров: Украина анеитралтә статус аҭара ауп хықәкыс иамоу Урыстылеи иареи реиҿцәажәарақәа

Украина абџьархыхразы Урыстәыла имҩаԥнаго арратә аоперциа ҷыда цоижьҭеи Москвеи Киеви аиҿцәажәарақәа рзы ԥшьынтә еиԥылахьеит, аҵыхәтәантәи авидеоконференциа аформат ала имҩасит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит, Украина анеитралтә статус аҭара ауп хықәкыс иамоу Киеви Москвеи реиҿцәажәарақәа ҳәа аҩуеит РИА Новости.
"Украина арратә неитралтә статус аҭаразы имҩаԥысуа аиҿцәажәарақәа, аимак иалаху аганқәа зегьы ршәарҭадара ахәдықәҵарази, Украина абџьархыхразхи аконтекст ала, иара аҵакыраҟынтәи Урыстәыла ашәарҭара ҳәа акгьы амамкәа, иара убас аурыс бызшәа, аурыс ҵараиура, акультура, аурыс АИХ-қәа русуразы азин аҟаҵара", - ҳәа иҳәеит Лавров Москва имҩаԥигаз апресс-конференциаҟны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Херсонтәи аобласт рнапахьы иааргеит
Жәабран 21 Урыстәыла ахада Владимир Путин ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымра азхаиҵеит Жәабран 24 азы ДЖәРи ЛЖәРи анапхгара иҟарҵаз аҳәарала Урыстәыла ахада арратә операциа ҷыда ишалагоз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакуа.
Урыстәылатәи ар рнапахьы иааргеит Херсонтәи аобласт, Мелитополь, Бердианск, амацәаз иҭакуп Мариуполь. УАМ Азовтәи амшынаԥшаҳәа иаҿыгуп. Донецк Жәлар рмилициа Волнаваха ахы иақәиҭыртәит, Верхнеторецко — Новоселовка-2 аҳәаақәа рахь инаскьеит. Лугансктәи ар Балаклеиа рнапахьы иааргахьеит. Киев мраҭашәара аганахьала амацәаз иҭакуп, Харьков амҵан ажәыларақәа цоит.