Аԥсны

Пицундатәи амшынҳәааӡарҭа Гаграҟа ииасит

Аԥснытәи амилаҭтә мшынҳәааӡарҭа Гагра араион, Пицунда иаатит 2016 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи амилаҭтә мшынҳәааӡарҭа Пицундантәи Гаграҟа ииаргеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит уи адиректор Асҭамур Асланӡиа.

"Аргыларақәа хара имгакәа ихыркәшахоит. Амшынҳәақәа аҭыԥ ҿыц ахь иааргахьеит. Аӡҭарчқәа ҩба аус рулоит: акы аартуп, егьи хҩоуп. Иахәҭоу ахыбрақәа ргылоуп", - ҳәа иҳәеит Асланӡиа.

Амшынҳәааӡарҭа Кемпинг иахьаҵанакуа, Аҩӡба имҩаҿы иргылоуп. Х-мшынҳәак ыҟоуп иахьазы. Ашьаҭаркыҩцәа иазԥхьагәарҭоит аҽа мшынҳәаки ҩ-цыгәрынаки раахәара.
Асланӡиа иажәақәа рыла аҭыԥ ҿыц еиҳа иманшәалоуп. Пицундатәи аӡҭарчы аҵауылара х-метрак иҟан, Гагратәи-хә-метрак еиҳауп.
Амшынԥстәқәа аԥхынразы ақәгыларақәа мҩаԥыргалоит, аха амшынхәааӡарҭа аиҳабыра ргәы иҭоуп згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы амшынҳәатерапиа алагалара.
"Ари азҵаара макьаназ иӡбам, аха иалшартә иҟоуп. Иахәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит Асланӡиа.
Аԥстәқәа аус рыдыруылалоит аҟазауаа. Аамҭа-аамҭала ргәабзиара гәарҭоит, анализқәа ргоит. Рыфатә ишахәҭоу еиҿкаауп. Мшынҳәак мышкала 10 кьылак рҟынӡа аԥсыӡ афоит.
Гагра амшынҳәааӡарҭа рашәарамзанӡа аартра азгәаҭоуп, аха адоллар ашьҭыҵра инадҳәаланы ари аҿҳәара инахар алшоит.