Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин аҳәаанырцәтәи аҳаирпланқәа ашәҟәы рҭаҩразы азакәан инапы аҵаиҩит

Ари иалнаршоит урыстәылатәи аилахәырақәа аҳаирплантә парк еиқәдырхарц, аҳәаанырцәтәи аҳаирпланқәа аҩнуҵҟатәи авиацәаҳәақәа рҿы рхы иадырхәаларц.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин афедералтә закәан инапы аҵаиҩит. Уи инақәыршәаны урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа ализинг ашьаҭала ирымоу аҳәаанырцәтәи аҳаирпланқәа ашәҟәы рҭагалара азин ҟалоит. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы.
Асертификациа мҩаԥыргоит асертификациамҩаԥгаратә центрқәеи аԥышәаратә лабораториақәеи.
Амшынтәии аҩнуҵҟаӡытәии атранспорт аусхк аҟны аиҳабыра иаларгалар ҟалоит аҭактә ԥкрақәа урыстәылатәи аӷбақәа збаӷәазақәа ирҭазымҵо аҳәынҭқаррақәа рганахьала.
Путин атәылауааи абизнеси адгылара рыҭараз ауснагӡатәқәа инапы рыҵаиҩит
Аихамҩатә транспорт акәзаргьы, хымԥада ашәҟәҭагалара иахыжьхоит. Урыстәылатәи аилахәырақәа ирҿагыло асанкциақәа ршәарҭара азгәаҭо урыстәылатәи анормативтә зинтә актқәа рыҩаӡарала ашәҟәҭагалара мҩаԥгахароуп.
Уи адагьы азакәан, 2023 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа аҿҳәара инахеит ашәарҭадара аиҿкааразы атранспорттә инфраструктура асубиектқәеи амҩангаҩцәеи рышәҟәҭагалара амҩаԥгара.