Аԥсны

Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа

Иҟоу адыррақәа рыла хәажәкыратәи ажәылараан иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Хәажәкыратәи ажәылара 29-шықәса ахыҵра амш азы Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу амемориал ахь урҭ ргәаларшәаразы инеит Атәыла ахада, аиҳабыра, ауаажәларра, аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ашколхәыҷқәа. Амемориал аҿаԥхьа ишьҭарҵеит ашәҭшьыҵәрақәа.
Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа
1993 шықәса хәажәкыра 15 азы аԥсуа ар Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа акәша-мыкәша иҟоу, астратегиатә ҟазшьа змоу аҳаракырақәа рнапахьы иааргеит. Амотохысцәа рыҟәша Гәымсҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аӡы ирсны, аҳауаҟынтәи амшын аҟынтәи ацхыраара рыманы аӷа ижәланы, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлараны иҟан. Аха хәажәкыра 15-16 руыха излагаз аоперациа қәҿиара амоуит. Ӷәӷәалатәи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ар хьаҵыр акәхеит. Анаҩс Аҟәа ахақәиҭтәразы хәажәкырамзатәи ажәылара зегь раасҭа иуадаҩыз, ацәыӡқәа зцыз жәыларахеит, тактикала иқәҿиарадахеит ҳәа иршьеит. Еилкаахеит аоперациа аиқәымшәарақәа шамаз. Аха иара иаанарԥшит Аҟәа ахахьы иҟоу аҳаракырақәа анапахьы раагара шхымԥадатәииз Аҟәа агаразы.
Иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ақырҭуа ган иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рырымҭеит. Аибашьра ашьҭахь урҭ Ахьӡ-аԥша апарк аҿы анышә иамардеит.
Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа