https://sputnik-abkhazia.info/20220316/aa-irgaladyrsheit-khazhkyramzazy-iakhaz-aibashtsa-1038148339.html
Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа
Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа
Sputnik Аҧсны
Иҟоу адыррақәа рыла хәажәкыратәи ажәылараан иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. 16.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-16T16:07+0300
2022-03-16T16:07+0300
2022-03-16T16:13+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/10/1038145464_0:135:2600:1598_1920x0_80_0_0_bb8f76bc7a981df04fed723ae8bcc66e.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 16  – Sputnik. Хәажәкыратәи ажәылара 29-шықәса ахыҵра амш азы Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу амемориал ахь  урҭ ргәаларшәаразы инеит Атәыла ахада, аиҳабыра, ауаажәларра, аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ашколхәыҷқәа. Амемориал аҿаԥхьа ишьҭарҵеит ашәҭшьыҵәрақәа.1993 шықәса хәажәкыра 15 азы аԥсуа ар Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа акәша-мыкәша иҟоу, астратегиатә ҟазшьа змоу аҳаракырақәа рнапахьы иааргеит.  Амотохысцәа рыҟәша  Гәымсҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аӡы ирсны, аҳауаҟынтәи амшын аҟынтәи ацхыраара рыманы аӷа ижәланы, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлараны иҟан.  Аха хәажәкыра 15-16 руыха излагаз аоперациа қәҿиара амоуит. Ӷәӷәалатәи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ар хьаҵыр акәхеит. Анаҩс  Аҟәа ахақәиҭтәразы хәажәкырамзатәи ажәылара зегь раасҭа иуадаҩыз, ацәыӡқәа зцыз жәыларахеит, тактикала иқәҿиарадахеит ҳәа иршьеит. Еилкаахеит  аоперациа аиқәымшәарақәа шамаз. Аха иара иаанарԥшит Аҟәа ахахьы иҟоу аҳаракырақәа анапахьы раагара шхымԥадатәииз Аҟәа агаразы.Иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ақырҭуа ган иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рырымҭеит. Аибашьра ашьҭахь урҭ Ахьӡ-аԥша апарк аҿы анышә иамардеит.
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2022
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа
Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа
16:07 16.03.2022  (ирҿыцуп: 16:13 16.03.2022) Иҟоу адыррақәа рыла хәажәкыратәи ажәылараан иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит.
АҞӘА, хәажәкыра 16  – Sputnik. Хәажәкыратәи ажәылара 29-шықәса ахыҵра амш азы Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҿы иҟоу амемориал ахь  урҭ ргәаларшәаразы инеит Атәыла ахада, аиҳабыра, ауаажәларра, аветеранцәа, иҭахаз ранацәа, ашколхәыҷқәа. Амемориал аҿаԥхьа ишьҭарҵеит ашәҭшьыҵәрақәа.
1993 шықәса хәажәкыра 15 азы аԥсуа ар Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа акәша-мыкәша иҟоу, астратегиатә ҟазшьа змоу аҳаракырақәа рнапахьы иааргеит.  Амотохысцәа рыҟәша  Гәымсҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аӡы ирсны, аҳауаҟынтәи амшын аҟынтәи ацхыраара рыманы аӷа ижәланы, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлараны иҟан.  Аха хәажәкыра 15-16 руыха излагаз аоперациа қәҿиара амоуит. Ӷәӷәалатәи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ар хьаҵыр акәхеит. Анаҩс  Аҟәа ахақәиҭтәразы хәажәкырамзатәи ажәылара зегь раасҭа иуадаҩыз, ацәыӡқәа зцыз жәыларахеит, тактикала иқәҿиарадахеит ҳәа иршьеит. Еилкаахеит  аоперациа аиқәымшәарақәа шамаз. Аха иара иаанарԥшит Аҟәа ахахьы иҟоу аҳаракырақәа анапахьы раагара шхымԥадатәииз Аҟәа агаразы.
Иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ақырҭуа ган иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рырымҭеит. Аибашьра ашьҭахь урҭ Ахьӡ-аԥша апарк аҿы анышә иамардеит.