Аԥсны

Гагра имҩаԥысит хәажәкырамзазы иҭахаз ргәалашәара иазкыз амитинг

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҿы имҩаԥысит 1993 шықәса хәажәкырамзатәи ажәыларатә операциа аан иҭахаз ргәалашәараз акциақәа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра имҩаԥысит Аԥсуа ар хәажәкырамзазы ржәылараан иҭахаз ргәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә ҳәа лҳәеит Гагра араион ахадара акультура аҟәша анапхгаҩы Мадина Бганԥҳа.
"Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра хәажәкыратәи ажәылараан иҭахаз ргәаларшәо Гагра Аԥсадгьыл аԥацәа рмемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, имҩаԥыргеит амитинг. Ауснагӡатә иалахәын араион анапхгара, араион ахадара аусзуҩцәа, ашколқәа рнапхгаҩцәа, ашколхәыҷқәа. Амитинг аҿы ажәахә ҟарҵеит Араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба, адепутат Махаз Ешба", - лҳәеит лара.
Аԥсны
Аҟәа иргәаладыршәеит хәажәкырамзазы иҭахаз ҳаибашьцәа
Бганԥҳа лажәақәа рыла ауснагӡатә иалахәын шәҩык рҟынӡа. Гагартәи аԥсуа школ аҵаҩцәа аибашьра афырхацәеи аиааиреи ирызкны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
1993 шықәса хәажәкыра 15 азы аԥсуа ар Гәымсҭа аӡиас ирсны Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларақәа ирылагеит. Амотохысцәа рыҟәша Гәымсҭа еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы аӡы ирсны, аҳауаҟынтәии амшын аҟынтәии ацхыраара рыманы аӷа ижәланы, аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы ԥхьаҟа идәықәлараны иҟан. Аха хәажәкыра 15-16 руыха излагаз аоперациа қәҿиара амоуит. Ӷәӷәалатәи аибашьра ашьҭахь аԥсуа ар хьаҵыр акәхеит.
Иҭахеит 222-ы аибашьцәа, шәҩыла ахәрақәа роуит, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. Ақырҭуа ган иҭахаз аԥсуа еибашьцәа рыԥсыбаҩқәа рырымҭеит. Аибашьра ашьҭахь урҭ Ахьӡ-аԥша апарк аҿы анышә иамардеит.