АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хадас Ирина Ануа даиҭеит, абри атәы аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәба амедусҳәарҭа аусзуҩцәа иӡбамҭа рылеиҳәеит.
"Ирина Михаил-иԥҳа аамҭаказы аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡон, лусушьа бзианы ижәдыруеит. Ирацәоуп ахәшәтәырҭаҟны иӡбатәу азҵаарақәа, урҭ рынагӡаразы ҳаицхыраалоит. Агәабзиарахьчара аминистрра излауа ала ахәшәтәырҭа ацхыраара анаҭалоит", - иҳәеит аминистр.
Ануа Быҭәба иҭабуп ҳәа иаҳәо иазгәалҭеит, иҷыдоу ахәшәтәырҭа иамоу ауадаҩрақәа рыӡбра шхымԥадатәиу.
"Ҳаицхырааны иаҳзеиԥшу аус наҳагӡалап", - лҳәеит лара.
Эдуард Бутба и Ирина Ануа
© Foto / Пресс-служба Минздрава
Ирина Ануа ареспубликатә аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡон цәыббра 2021 шықәса раахыс. Уаанӡатәи аҳақьым хада Гьаргь Кәартаа инапынҵақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала ихы дақәиҭтәын.