Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ирина Ануа аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хадас дҟаҵоуп

© SputnikПсихиатрическая больница
Психиатрическая больница - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Анапаҵаҩра
Ирина Ануа ареспубликатә аԥсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡон цәыббра 2021 шықәса раахыс.
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хадас Ирина Ануа даиҭеит, абри атәы аанацҳауеит апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәба амедусҳәарҭа аусзуҩцәа иӡбамҭа рылеиҳәеит.

"Ирина Михаил-иԥҳа аамҭаказы аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡон, лусушьа бзианы ижәдыруеит. Ирацәоуп ахәшәтәырҭаҟны иӡбатәу азҵаарақәа, урҭ рынагӡаразы ҳаицхыраалоит. Агәабзиарахьчара аминистрра излауа ала ахәшәтәырҭа ацхыраара анаҭалоит", - иҳәеит аминистр.

Ануа Быҭәба иҭабуп ҳәа иаҳәо иазгәалҭеит, иҷыдоу ахәшәтәырҭа иамоу ауадаҩрақәа рыӡбра шхымԥадатәиу.
"Ҳаицхырааны иаҳзеиԥшу аус наҳагӡалап", - лҳәеит лара.
© Foto / Пресс-служба Минздрава Эдуард Бутба и Ирина Ануа
Эдуард Бутба и  Ирина Ануа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2022
Эдуард Бутба и Ирина Ануа
Ирина Ануа ареспубликатә аԥсихиатриатә хәшәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа налыгӡон цәыббра 2021 шықәса раахыс. Уаанӡатәи аҳақьым хада Гьаргь Кәартаа инапынҵақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала ихы дақәиҭтәын.
Ажәабжьқәа зегьы
0