Аԥсны

Хәажәкыра 17 азы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

Аӡы аҟамзаара аӡымҩангага реиҭашьақәыргылара иадҳәалоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 16 – Sputnik. Хәажәкыра 17 азы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал" апресс-маҵзура.

Аӡоушьҭра аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 20:00 рҟынӡа: Ешба имҩа, Колос, Адыгаа рымҩа, ақалақь агәҭеи ашьхара иахьаԥнуи, ВИЕМ араион аҿы.

Аӡы аҟамзаара амҩақәа: Коӷониа - Инал-иԥа, Коӷониа - Калмыков, Воронови Бегуааи рымҩақәа рҿы аӡымҩангага аиҭашьақәыргылара иадҳәалоуп.
"Аӡыканал" ауадаҩрақәа рзы аҭамзаара шьҭанаҵоит.