Аԥсны

Александр Анқәаб Дәрыԥшь ауахәама аиҭашьақәыргылара ахықәкы дадгылоит

Дәрыԥшьтәи Архангел Михаил иуахәама XX ашәышықәса алагамҭаз иргылан, асовет аамҭазы еиларбган.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб адинмаҵзуҩы Гавриил Дәрыԥшь ақыҭантәи ауахәама аиҭашьақәыргыларазы иаԥшьгамҭа дақәшаҳаҭхеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура.

Аиԥылара далахәын Аԥсны акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳа, акультура аминистр ихаҭыԥуаҩ, аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аусбарҭа аиҳабы, археолог Гарри Сангәлиа, аҟазараҭҵааҩ, Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Сурам Сақаниа.

Александр Анқәаб иазгәеиеҭит ари ауахәама аиҭашьақәыргылара азҵаара шцәырҵхьоу, инаҵшьны иҳәеит ажәытә ақьырсиантә ргыларақәа Аԥсны аҵакыраҿы рыпроблема азхьаԥшра аҵк ду аманы ишиԥхьаӡо.
Аиԥылара алахәылацәа еилибакааит аусурақәа раан Аԥсны шәышықәсала ишьақәгыланы иҟоу ауахәамаргылара атрадициақәа ишрыцәхьаҵтәым аганахь ала. Александр Анқәаб иҳәеит аиҳабыра абри аиԥш иҟоу азҵаарақәа рҟны адгылара ишазыхиоу.
Дәрыԥшь игылоу ауахәама XX ашәышықәса алагамҭаз – 1914 шықәсазы иргылан, асовет аамҭазы еиларбган. 2014 шықәса жьҭаарамзазы ауахәама ахыжәжәарақәа рыцқьаны, иԥшьаны, Анцәа имҵаныҳәара мҩаԥган Аб Басариан зхадараҿы дыҟоу ААУ Аҟәа – Пицундатәи аепархиа адинуаа алахәны.