Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина аракетақәа "Точка-У" рыҵәахырҭатә ҭыԥ ԥыржәеит

Хәажәкыра 14 азы Украина аруаа Донецк агәы иалахысит аракетатә комплекс "Точка-У" ала. Иҭахеит 20-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 - Sputnik. Урыстәылатәи ар аџьаԥҳани аракетақәа "Точка-У" Ровентәи аобласт аҿы иҟаз Украинатәи рыҵәахырҭатә ҭыԥ ԥыржәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.

"Хәажәкыра 16 ауха Ровентәи аобласт аиланхарҭа Сарны аҿы иҟаз украинатәи ар рџьаԥҳаныҵәахырҭа, атактикатә комплекс "Точка-У" азы аракетақәагьы ахьышьҭаз аҳауатә жәылара азуын. Аџьаԥҳаныҵәахырҭа ԥжәоуп", - иҳәеит иара.

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла авиациеи аҳауаҿагыларатә хархәагақәеи рыла икажьын украинатәи авертолетқәа Ми-24, Ми-8, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 12, ааха рыҭан 46 Украина арратә хыбрақәа, 11 ЗРК, арратә техника аилагыларҭа ҭыԥқәа 18.
Атәылахьчара аминистрра арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчара аҟәшақәа иҭырҵаауеит ЕАА Украина аҵакыраҿы имҩаԥыргоз апроектқәа рдокументқәа.