Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Захарова: украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа румҭақәа иахьырхәхоит

Урыстәыла имҩаԥнаго арратә операциаан ааха знаҭо Украина арратә ргыларақәеи аинфраструктуреи роуп. Ақалақьқәеи аиланхарҭақәеи рҭынч уааԥсыра ишалшо ала ихьчоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Урыстәыла украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа аҭынч уааԥсыра ирҿагыло румҭақәа хымԥада иахьнархәуеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла ААР ахаҭарнак Мариа Захарова абрифинг аҿы лықәгылара ааго.

"НАТО аилазаарақәа иԥаршеины еиҿкаау ароликқәа, авидеоқәа, афотоқәа уҳәа шаладырҵәогьы аиаша узыҵәахӡом. Ҳара иалшо зегь ҟаҳҵоит ауаҩытәыҩсаҿагыларатә цәгьоурақәа ааԥшырц иақәнагоу иақәшәарц", - лҳәеит Захарова.

Мариа Захарова иазгәалҭеит абаталион "Азов" мариупольтәи атеатр анԥыржәоз уа рыҽшырҵәахуаз жәаҩыла аҭынчуаа, илҳәеит киевтәи амчра ари ауаҩымра урыстәылатәи аруаа ирхарарҵарц ишаҿыз.
"Ари мцуп. Урыстәылатәи аруаа ақалақьқәа артҟәацгақәа рыларыжьӡом. Уи зегьы еицырдыруеит", - ҳәа азгәалҭеит Захарова.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин аоперациа ҷыда Урыстәыла ахыхьчаразы иакзаҵәыкны иҟоуп иҳәеит
Уаанӡа Урыстәыла АА адырра ҟанаҵахьан Украина Ашәарҭадаратә усбарҭа аганахь ала апровакациақәа ҟалар шалшо азы, хаҭала ишҳамырку амаҭәашьар рхы иадырхәар шыҟало, нас уи урыстәылатәи аган иахараҵар шауа.
Украина жәабран 24 азы излагаз арратә операциа ада Украина аҵакыраҿы НАТО аинфраструктура мгыло, Урыстәыла аҭагылазаашьа шәарҭаданы изыҟаломызт иҳәеит Владимир Путин.