Аԥсны

Аԥсны 2021 шықәсазы аҳазалхратә шәарақәа рыплан 127% рыла инагӡоуп

Аԥсны аҳәынҭқарра аҳазалхратә усбарҭа 2021 шықәсазы аусура аихшьалатә еилатәра мҩаԥнагеит ахәаша хәажәкыра 18 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. 2021 шықәсазы Аԥсны аҳазалхратә усбарҭа ҩ-миллиардк инареиҳаны ашәарақәа ахыԥхьанаӡалеит, аплан 127% рыла инагӡоуп, абри атәы аилатәараҿы иҳәеит Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
2020 шықәсеи 2021 шықәсеи еиҿурԥшыр, ахашәалақәа 40% рыла еизҳаит, 2019 шықәса иаҿурԥшуазар - 46% рыла.
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩымз рыҩнуҵаҟа атауареиқәшара 5 миллиардк рҟынӡа инаӡеит
Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа иазгәеиҭеит, 2021 шықәсазы аилак аусура аекономика ашәарҭадареи, аҳәынҭбиуџьеҭ ахарҭәаареи, аконтрабанда аҿагылареи, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи ишазырхаз.
Хьециа иажәақәа рыла, аилак ахь аусуразы аконкурс иахыжьны ирыдыркылеит 20-ҩык, уи иалныршеит аусзуҩцәа рыхәҭак арҿыцра.