Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ҩымз рыҩнуҵаҟа атауареиқәшара 5 миллиардк рҟынӡа инаӡеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Анапаҵаҩра
Ҵыԥхтәи ашықәс аихшьаалақәа рыла атауареиқәшара зегьы ааизакны 36 миллиард рҟынӡа инаӡеит, уи аҟынтәи 29 миллиард инеиҳаны аимпорт ахашәала иартәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 3 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2022 шықәса раԥхьатәи ҩымз рыҩнуҵаҟа атауареиқәшара зегьы ааизакны 4,7 миллиард шьақәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб иԥылараан, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хециеи уи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуеи ирҳәеит, ажьырныҳәеи жәабранмзеи рзы атауареиқәшара 410 миллион мааҭ рыла ишеиҳау ҵыԥхтәи ари аамҭа иаҿырԥшны.

Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы анапхгаҩы иажәақәа рыла, аусбарҭа ауснагӡала аҳазалхратә шәарақәа иарбаз арбагақәа 275 миллион мааҭ аҟынтәи иалагалоуп 330,3 миллион мааҭ.

2022 шықәсазы аекспорти аимпорти арбагақәа еизҳаит. Атәыла иалагалоу атауар иартәеит 3,6 миллиардк, ҵыԥхтәи иаҿырԥшны 365 миллион мааҭ рыла еиҳауп. Атәыла иалҵуа атауар сынтәа 45 миллион мааҭ еизҳаит, уи алагьы 1,13 миллиард артәеит.
Аиԥылара аҟны Александр Анқәаб иазгәеиҭеит, аҳазалхратә хылаԥшразы аус анагӡара аиӷьтәра шхымԥадатәиу, избан акәзар, иахьазы иуашәшәыроу адәныҟаполитикатә ҭагылааашьа атәыла аекономика анырра анаҭар алшоит, убри алагьы атәыла иаларгало атауар ианыԥшыр ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0