Урыстәыла Абанк азыԥҵәа хада 20% иҟоу арекордтә ҩаӡара еиқәнархеит

2022 шықәса алагамҭаз Урыстәыла Абанк хада азыԥҵәа хада шьҭнаххьан ашықәс азы 9,5% рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. Урыстәыла Абанк азыԥҵәа хада 20% иҟоу арекордтә ҩаӡара еиқәнархеит ҳәа аҳәоит аҳәаақәҵаҩ апресс-релиз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Адунеизегьтәи абанк ахада Урыстәыла асанкциақәа ирхырҟьоу ВВП аахақәа ахәшьара риҭеит
2021 шықәсазы аҳәаақәҵаҩ азыԥҵәа хада бжьынтә ишьҭнаххьан - 4,25 процент рҟынӡа. 2022 шықәсазы даҽа проценттә пунктк аҟынӡа - ашықәстә 9,5%.
Агеополитикатә ҭагылазаашьақәеи Мраҭашәаратәи асанкциақәеи ирыхҟьаны амааҭ алаҟәра иалагеит. Аџьармыкьаҿы ахәԥсақәа рҽеиҭаркуа иалагеит. АХ убри инадҳәаланы азыԥҵәа хада шьҭнахит – 10,5 процент рҟынӡа, ашықәстә 20% рҟынӡа.

"Урыстәыла Абанк адиректорцәа Рхеилак 2022 шықәса хәажәкыра 18 рзы аӡбра аднакылеит азыԥҵәа хада 20% ишыҟоу иныжьзарц", – аҳәоит адырраҭараҿы.

РИА Новости зазҵаауаз аналитикцәа ирҳәеит ари аҩыза аӡбра ишазыԥшыз. Аекономистцәагьы ирҳәеит иҟоу аҭагылазаашьаҿы ари еиҳа арационалра злоу ӡбраны ишырыԥхьаӡо.
Уи адагьы, Урыстәыла Абанк аҳәамҭа ҟанаҵеит иааиуа аԥшьбарақәа рзы атәыла ВВП шеиҵахо, урыстәылатәи аекономикаҿ аҭагылазаашьа еицәахар шауа.