Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿтәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы аԥкрақәа ирыцҵоуп хәажәкыра 26 рҟынӡа

Росавиациа жәабран 24 рзы Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿтәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы аԥкырақәа алагалоуп арҭ аҵакырақәа шәарҭоуп ҳәа ишьаны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Урыстәыла аладатәи ахәҭаҿтәи аҳаирбаӷәазақәа рҿы жәабран 24 рзы иалагалаз аԥкрақәа ирыцҵоуп хәажәкыра 26 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
Аԥкрақәа рахь иаҵанакуам Шәачатәи аҳаирбаӷәаза. Иара аамҭалатәи хабк аҳасаб ала штаттә режимла аус ауеит.
Ростова-на-Дону, Краснодар, Анапа, Геленџьик, Елиста, Ставрополь, Симферополь, Белгород, Брианск, Ориол, Курск, Воронеж рҿтәи аҳаиртә баӷәазақәа аԥкра иаҵанакуеит.
Апассаџьырцәа рымҩангаразы урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа ирабжьгоуп ишәарҭамкәа ишьоу амаршрутқәа рыла иԥылларц: Шәача, Волгоград, Аминералтә Ӡқәа, Ставрополь, Москва. Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа уаанӡатәи арежим ала аус руеит.