Аԥсны

Аԥсны Донецкҟа агуманитартә цхыраара дәықәнаҵеит

Аидарамҩангага машьынақәа еишьҭагыланы Аҟәантәи идәықәлеит хәажәкыра 19 рзы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 19 - Sputnik. Аԥсны Донецктәи Жәлар Рреспубликахь ижәықәнаҵеит агуманитартә цхыраара, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аԥсны аиқәырхаратә усбарҭа ДЖәР ахь инанагараны иҟоуп афымцагенераторқәа, ашьаҳариатә аалыхқәа, ашыла, ашьақар, ԥаҭлыкала аӡы, аконсервқәа.
Агуманитартә акциа рҽаладырхәит атәыла ауааԥсырагьы, аиуристтә хаҿқәа, акоммерциатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа.
Агуманиатартә еидара адәықәҵара аус еиҿкаауп Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа идҵала.
Уаанӡа Аԥсны агуманитартә цхыраара азыҟанаҵахьан Лугансктәи Жәлар Рреспублика. Донбас аҭагылазаашьа аншәарҭаха, ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟынтәи ахҵәацәа рыдыркылеит Аԥсны. Москва ашьҭахь Аҟәагьы урҭ рхьыԥшымрақәа азханаҵеит.
Аԥсны
Аԥсны АҶА ДЖәР ахь 20 тонна агуманитартә цхыраара рышьҭуеит