Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәеит Украина ахимиатә маҭәашьараз аичырчара гәҭакыс ишрымоу

Урыстәылатәи ахыхьчаратә усбарҭа ахаҭарнак иааигеит игәыԥжәагоу афактқәа Украина Урыстәыла аганахь ала зырхиара иаҿу аичырчаразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Украина ауаа реиланхарҭақәа рыҟны амилаҭеилыхыҩцәа аичырчараз ишҳаму ахимиатә маҭәашьар ахархәара ргәы иҭоуп, анаҩс урыстәылатәи аруаа ахара рыдыҵарц, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Урыстәылатәи Афедерациа Амилаҭтә центр ахыхьчаратә усбарҭа аиҳабы аинрал-полковник Михаил Мизинцев иҳәамҭа шьаҭас иганы.
Иара иажәақәа рыла, ари ҟаҵоуп Америка аиҳабыреи Евроеидгылеи рыцхыраарала, дара Украина урыстәылатәи аполитика иаҿагыло маруганы ирԥхьаӡоит.
Урыстәылатәи ахыхьчаратә аусбарҭа ахаҭарнак иааигеит иара иажәақәа рыла "зынӡа игәыԥжәагоу афактқәа" Урыстәыла аганахь ала аичырчараз зырхиара иаҿу.

Амилаҭеилыхыҩцәа Сума ахимзауад "СумыХимПром" аммиаки ахлори иҩнаҵаны аҵәахырҭа арҭҟәацга аҵарҵеит, Сумтәи аобласт иаланхуа ауаа хыԥхьаӡара рацәала ашҳамла индырҵәарц Урыстәыла Арбџьармчқәа ақалақь ианалало аамҭазы, иҳәеит Мизинцев.

Николаевтәи аоблост Котлиаров аҳаблан амилаҭеиҿкааратә еибашьцәа аҭыԥантәи алагарҭатә школ ахыбраҿ ашҳам злоу ахимиатә маҭәашьарқәа рыла аҽеиқәыршәара иаҿуп урыстәылатәи ар аннеиуа иԥыржәарц ҳәа иҳәеит аинрал.
Мизинцев инаҵшьны иазгәеиҭеит, урыстәылатәи аган заа адунеи аилазаарахь агәҽанызаара рырҭоит украинатәи аиҳабыра ргәы иҭоу аичырчара азы.
Уаанӡа, асабша еилкаахеит Украина гәҭакыс ишамоу Львов атеракт амҩаԥгара мраҭашәаратәи адипломатцәа рганахь ала, анаҩс урыстәылатәи аруаа ахара рыдырҵарц.
Урыстәыла Украина ааратә аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Хықәкысгьы иамоуп Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рымҩаԥгара. Урыстәыла ахада аоперациа ҷыда алагара рылаҳәо, иазгәеиҭеит уи аа-шықәса рыҩнуҵҟа киевтәи арежим агеноцид зызнауаз ауааԥсыра рыхьчара ишазку.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Арбџьармчқәа 200 инареиҳаны аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа ҭадырхахьеит