Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Арбџьармчқәа 200 инареиҳаны аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа ҭадырхахьеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПерешедший под контроль ДНР город Волноваха
Перешедший под контроль ДНР город Волноваха - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа Украина аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи 200 инареиҳаны аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәеи 1440 танки егьи акәылӡтәы техникеи ҭадырхахьеит, абри азы адырра ҟаиҵеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда, аинрал-маиор Игор Конашенков.
"Зынӡа аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоуп аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 201, 1443 танки акәылӡтәы машьынақәеи, зныкҟьара ихысуа ареактивтә система ашьақәгылақәа 147, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 564, иара убас иҷыдоу арратә автомобилтә техника 1248 ак", - иҳәеит арратә усбарҭа ахаҭарнак.
Асабша иалагӡаны Урыстәыла арра-космостә мчқәа иқәырхит аԥырҩы дызҭам аппаратқәа хәба, убри ахыԥхьаӡараҿы "Баирактарк", иара убас украинатәи арратә хыбрақәа 59, азениттә ракетатә комплекс С-300 аус аруразы арадиолокатор, ҳәа азгәеиҭеит Конашенков.
Абрифинг аҟны аинрал-маиор иҳәеит Урыстәыла Арбџьармчқәа хатәгәаԥхарала иҽшриҭаз Украина Ашәарҭадаратә маҵзура Донецки Лугански аобластқәа рҿы Аусбарҭа хада аусзуҩ. Иара адырра ҟаиҵеит абаталион "Азов" иалоу украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа ргәы ишҭоу Львов ақалақь аҿы мраҭашәаратәи адипломатцәа ирҿагыланы атеракт ҟарҵарц, нас уи урыстәылатәи аруаа ирхарарҵарц шырҭаху. Конашенков иажәақәа рыла, Киев ирдыруеит амилаҭеилыхыҩцәа рыгәҭакқәа, аха уи ҟамларазы акгьы ҟарҵом.
Летно-тактические учения на военном аэродроме Черниговка в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина аракетақәа адгьылаҵатәи рышьҭаҵарҭа ԥыржәеит
Иара убас ари амш иалагӡаны урыстәылатәи аруаа абаталион "Аидар" ахырӷәӷәарҭақәа ԥыржәеит, 30-ҩык ацәгьоуцәа ҭадырхеит. Донецктәи Жәлар Рреспублика Жәлар рмилициа ргәыԥқәа ирылшеит аиланхарҭа Тарамчук рнапахьы аагара, ахьаҵра иаҿу аӷа ишьҭоуп. ЛЖәР архәҭақәа Лисичанск ақалақь аҩадатәи аҵкар ахь инеихьеит, уа амилаҭеилыхыҩцәа рықәхра иаҿуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0