Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина арратә ҭагылазаашьа мызкы аҽҳәара иацҵоуп

Уаанӡа Украина ахада иӡбамҭала атәылаҿы имилаҭтәым апартиақәа зегьы рзин рымихит, иалеигалеит "иаку аинформациатә политика".
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Украина ахада Владимир Зеленски азакәан инапы аҵеиҩит атәылаҟны арратә ҭагылазаашьа аҽҳәара ацҵаразы, абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу Арада асаит.
Украина иалагалоу арратә аамҭа иацҵоуп хәажәкыра 26 асааҭ 5:30 инаркны 30 мшы ҳәа аҳәоит аацҳамҭаҿы.
Зеленски Украина аҵакыра зегьы аҿы арратә ҭагылазаашьа алагалахоит ҳәа рылеиҳәеит жәабран 24 ашьыжь, Урыстәыла Донецки Лугански руааԥсыра ршәарҭадареи рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны иҷыдоу арраттә аоперациа ианалага. Уи азын Урыстәыла ахада Владимир Путин иажәақәа рыла хықәкысгьы иамоуп Украина адемилитаризациеи аденацификациеи рымҩаԥгара. Урыстәыла ахада аоперациа ҷыда алагара рылаҳәо, иазгәеиҭеит уи аа-шықәса рыҩнуҵҟа киевтәи арежим агеноцид зызнауаз ауааԥсыра рыхьчара ишазку.
Урыстәыла Арбџьармчқәа иҷыдоу арратә операциа амҩаԥгараан икылкаан изеихсуа арратә инфраструктуреи украинатәи архәҭақәеи роуп. Урыстәылатәи ар рыцхыраарала Донецки Лугански ргәыԥқәа ржәыларақәа дырҭбаауеит.