Аԥсны

Аҟәа Лакоба имҩа ахәҭак адыркуеит аҩаша хәажәкыра 22 рзы

Аремонттә усурақәа ирыхҟьаны иаанкылахоит атроллеибусқәа рныҟәара.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы Лакоба имҩа Воронови Абазақәеи рымҩақәа ирыбжьаку ахәҭаҿы амашьынақәа рныҟәара аанкылахоит аҩаша хәажәкыра 22 асааҭ 9:00 инаркны, абри атәы аанацҳауеит ақалақь ахадара апресс-маҵзура.
Иарку амҩа ахәҭа аҭыԥан амашьынақәа ныҟәалар рылшоит Коӷониа имҩала.
Аамҭалатәи ауадаҩрақәа цәырҵит Абазақәеи Лакобеи рымҩақәа реихысырҭаҿы акаҭран аремонт ахьазыруа иахҟьаны.
Аԥсны
Аҟәа ахәҭак ӡрыжәтәда иаанхоит аҩаша, хәажәкыра 22 рзы