Аԥсны

Аконституциатә закәан "Апарламент адепутатцәа ралхразы" аԥсахрақәа алагалоуп

Аконституциатә закәан "Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа ралхразы" аԥсахрақәа амчра роуеит 2027 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аконституциатә закәан "Апарламент адепутатцәа ралхразы" аԥсахрақәа аланагалеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, депутатс далххар ҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ, аҳәынҭқарратә бызшәеи (аԥсшәа) аурысшәеи здыруа.
Иааиуа апарламент асессиаъы апарламентарицәа ахәаԥшраны иҟоуп ақәратә ценз ацҵаразы аԥсахрақәа. Иахьатәи азакәанԥҵарала депутатс дҟалар илшоит алхрақәа рымш азы 25 шықәса зхыҵыз. Ариашарақәа рыдыркылар, урҭ инарықәыршәаны адепутат 30 шықәса еиҵамкәа ихыҵуазароуп.
Аилыркаага ала, "25 шықәса зхыҵуа адепутат иреиҳау азакәанԥҵаратә усбарҭаҿы азакәанԥҵаратә усуразы дҿацәоуп" ҳәа иԥхьаӡоуп.
Актәи аԥхьараҿы азакәан апроект иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит адепутат иреиҳау аҵара, хәышықәса иреиҵамкәа аусуратә ԥышәа. Аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ари аԥҟара алхын.
Аконституциатә закәан "Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа ралхразы" аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылеит, уи амчра аиуеит 2027 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Аԥсны
Адепутатцәа актәи аԥхьарала Аԥсны Аџьатә Закәанеидкылахь аԥсахрақәа шьақәдырӷәӷәеит