АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент ақәҵара аднакылеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩс далхзарц Саида Быҭәԥҳа.
"Сымч, сылша, сдыррақәа зегь азыскуеит ламысцқьала снап иану аусқәа насыгӡаларц", - ҳәа лҳәеит Быҭәԥҳа.
Саида Быҭәԥҳа диит рашәара 23, 1983 шықәсазы Аҟәа. 2001 шықәсазы далгеит Адыгеиатәи ареспубликатә гимназиа №1, 2005 шықәсазы - Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет далгеит. Азиндырратә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп.
Саида Быҭәԥҳа
© Sputnik / Томас Тхайцук
2005-2006 шш. – Адыгеиатәи Ареспублика Аҳәынҭқарратә Хеилак-Хасе Азинтә усбарҭа азакәанԥҵарақәа разырхиареи рекспертизеи рыҟәшаҿы аус луан.
2009-2019 шш. – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭа аҳәынҭқарратә хылаԥшра аҟәша ареферент еиҳабы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, Аҟәатәи Иаарту аинститут арҵаҩы.
2009 шықәса раахыс – ААУ акафедра "Аҳәынҭқарреи азини" адоцент, 40 инареиҳаны астатиақәеи амонографиақәа хәбеи дравторуп.
2010-2020 шш. – Аԥсны АШәМ азиндырратә ҟәша аиҳабы.
2020 шықәсазы Аԥсны ахада иусԥҟала Саида Быҭәԥҳа ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
2020-2022шш. - Апарламент аҿы Аԥсны ахада ихаҭарнак.
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы жәабран 17 рзы Саида Быҭәԥҳа Аԥсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩс далхуп.
Цәыббра 27 2021 шықәсазы Манана Делԥҳа ԥхьатәара дышьҭын Аԥсны аӡбаҩцәа рколлегиа аӡбрала.