АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. ВДВ аҟәшақәа амилаҭеилыхыҩцәа рбаталионқәа Киев акалҭ аҟынтә иалырцеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵо.
Урыстәыла ахада Владимир Путин жәабран 21азы Донбасстәи ареспубликақәа рыҳәарала ЛжәР-и ДжәР-и рхьыԥшымра азхеиҵеит. Жәабран 24 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа иҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәыла иаҳәеит ацхыраараз". Иара иҳәеит, Москва Украина абашьра агәы ишҭам, ирҭахыу абџьархыхра шакәу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа. Иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.