Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳаир-десант мчқәа рыҟәшақәа амилаҭеилыхцәа рбаталионқәа Киев акалҭ иалырцеит

© Sputnik / Иван Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Донецкой народной республике
Ситуация в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Анапаҵаҩра
Абаталионқәа рхьаҵраан икарыжьыз абџьари атехникеи анаҩс Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа ирыҭахоит.
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. ВДВ аҟәшақәа амилаҭеилыхыҩцәа рбаталионқәа Киев акалҭ аҟынтә иалырцеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵо.
Урыстәыла ахада Владимир Путин жәабран 21азы Донбасстәи ареспубликақәа рыҳәарала ЛжәР-и ДжәР-и рхьыԥшымра азхеиҵеит. Жәабран 24 азы Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа иҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа Урыстәыла иаҳәеит ацхыраараз". Иара иҳәеит, Москва Украина абашьра агәы ишҭам, ирҭахыу абџьархыхра шакәу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа. Иазгәарҭоит, украинатәи ақалақьқәа ишрыламкьысуа, аруаа русура еиԥдырҟьоит арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0