Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Новак: Урыстәыла Мраҭашәара мап акыр, анефҭ анашьҭрақәа арҭбаауеит

Мраҭашәара урыстәылатәи анефҭ мап ацәнакыр, адунеитә хәыԥсақәа баррельк 300 доллар рҟынӡа аԥсахар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Урыстәыла Мраҭашәара мап акыр анефҭ анашьҭрақәа арҭбаауеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак иажәақәа шьаҭас иганы.
Иара иҳәеит аилахәырақәа ари азҵаара аус шадыруло.

"Ҳәарада, асценариқәа зегьы ҳрызхәыцуеит. Мраҭашәара ирҭаху ҳзазыԥшӡом. Анефҭ атанкерқәа рыла атәылақәа рахь, егьырҭ арегионқәа рахь анашьҭра ҟалоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Новак иҳәеит Урыстәыла алогистикатә схемақәа ишрызхәыцуа.
"Аилахәырақәа уажә ари аус иазхәыцуеит, иҭырҵаауеит. Иҟалап еиҵаны ахәԥса ҳаур, аха анефҭ ахьаҳҭиша ҳаԥшаауеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Новак: урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеи аҿы иузмырҽеиуа ашәарҭарақәа цәырнагоит
Иахьазы акраҵанакуеит иҟоу ахышәаҵышәақәа реиԥмырҟьара ҳәа иҳәоит Новак. Иазгәеиҭеит макьаназ еиҵахарак шыимбо.
Иара иҳәеит Вашингтон Урыстәыла анефҭ амыхәҳара мап ацәнакыр, уи аҭакс ЕАА ауран анашьҭра ааннакылар шауа.