Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Новак: урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеи аҿы иузмырҽеиуа ашәарҭарақәа цәырнагоит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДобыча нефти в Татарстане
Добыча нефти в Татарстане - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Анапаҵаҩра
Адунеи аҿы анефҭ ахқәа халеит 120 доллар баррельк азыҳәа. Аекспертцәа ргәаанагарақәа рыла, уи еиҳарак изыхҟьо Украина иҷыдоу арратә операциа иалагаз Урыстәыла аганахьала мраҭашәаратәи атәылақәа иаларгалаз асанкциақәа роуп.
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеитә џьармыкьазы иузмырҽеиуа ажҟьаԥҟьа шәарҭақәа рахь икылнагоит, баррельк азы 300 доллар рҟынӡа иеиҳангьы ахә шьҭыҵуеит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Александр Новак ашәахьа.
"Урыстәылатәи анефҭ мап ацәкра адунеитә џьармыкьазы иузмырҽеиуа ажҟьаԥҟьа шәарҭақәа рахь ишкылсуа бзианы иубарҭоуп. Ахәқәа уззыԥшӡам аҩаӡараҟынӡа ихалар ҟалоит - 300 доллари иагьеиҳангьы баррельк азы", - ҳәа агәаҽанызаара ааирԥшит иара.
Новак иазгәеиҭеит Урыстәыла ахыдҵақәа шынанагӡо Европаҟа анефҭи анефҭаалыҵқәеи рынашьҭразы.
"Урыстәыла зегьы реиҳа Европаҟа анефҭ назышьҭуа ҳәынҭқарроуп. Европа ахы ианархәоит 500 миллион тонна анефҭ, урҭ рахьтә Урыстәылантәи инаҳашьҭуеит 150 миллион тонна (ма 30%), даҽа 80 миллион тонна анефҭаалыҵ", - ҳәа реиҳәеит иара ажурналистцәа.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла агәҭынчымра шаанарԥшуа аџьармыкьаҿы иазыҟарҵо ақәыӷәӷәара, анефҭи анефҭаалыҵқәеи атәыла ралгаразы аембарго аларгалоит ҳәа иҟоу аҳәамҭақәа рзы.
Президент РФ В. Путин принял участие в расширенном заседании коллегии МЧС РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ирыдҟарҵалаз асанкциақәа рымшала Путин аекономикатә шьаҿа ҷыдақәа рзы аусԥҟа инапы аҵаиҩит
Убри аан Урыстәыла азхиоуп Европа дара рнефҭ мап ацәнакыр, уи ацымхәрас иахьынашьҭтәу аԥшаауеит, аха уи иаҳа изԥырхагахо европаа роуп, наҟ-наҟгьы америкатәи аџьармыкьақәагьы ирԥырхагахашт иҳәеит Новак.
Иара далацәажәеит "Северный поток 2" аҿыхрагьы аӡбахә, иазгәеиҭеит Урыстәыла ааҳәны "Северный поток 1" аҿыхра азин шамоуп, аха макьана уи шыҟанамҵо, избанзар уи аӡәгьы ихәарҭахом.
"Ҳара Урыстәыла иахарартәуа Европа аенергетикатә кризис ҳақәшаҳаҭым, "Северный поток 2" ахьаҿырхызгьы агәынамӡара ҳазцәырнагоит, ҳаргьы иҳалшоит иара убасҵәҟьа "Северный поток 1" аҿыхра, иахьа иара 100% рыла аус ауеит. Аха макьана уи аҿыхра ҳгәы иҭаӡам, избанзар уи ззеиӷьхо аӡәгьы дҟалом. Европатәи политикцәақәак рҳәамҭақәа рыла, рхарадҵақәа рыла уи аҿыхра ҳгәадырԥхоит, аха макьана ҳаҽнаҳкылоит", - ҳәа инаҵишьит иара.
"Северный поток" ала 2021 шықәсазы имҩанысыз агаз амҽхак 59,2 миллиард кубометр артәеит, ҩышықәса инеиԥынкыланы апроект ала иазԥхьагәаҭаз 55 миллиард кубометр иахысуеит.
Донбасс ахьчаразы Урыстәыла злагаз арратә операциа ҷыда аҭакс мраҭашәаратәи атәылақәа асанкциа ҿыцқәа аларгалеит. Кремль аҿы ишырҳәаз ала, Мраҭашәара асанкциақәа ӷәӷәоуп, аха Урыстәыла урҭ заа рҽырзыҟанаҵеит. Урыстәыла аҭахрақәа ирықәшәо ашьаҿақәа рымҩаԥгаразы анализи аусбарҭақәа рҽеибаркны русеицуреи аҭахуп. Урыстәыла аус ацура мап ацәызкыз мраҭашәаратәи аилахәырақәа уи ҟарҵеит ӷәӷәала иахьрықәымчуаз азы, аха Урыстәыла азхиоуп иагьыриааиуеит Мраҭашәара иазаԥнаҵаз аекономикатә уадаҩрақәа ҳәа уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Ажәабжьқәа зегьы
0