Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ҭырқәтәыла аӷбақәа ргәы рҽанырҵеит иӡсо аминақәа ршәарҭара ыҟоуп ҳәа

Урыстәыла АШәМ адырра ҟанаҵеит Украина АММ Урыстәыла аоперациа ҷыда иалагазар 420 мина шышьақәнаргылаз абаӷәазақәа Одесса, Очаков, Черноморск, Аладатәи рҭаларҭаҿы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Ҭырқәтәыла аӷбақәа ргәы рҽанырҵеит Амшын еиқәаҟны иӡсо аминақәа ршәарҭара ыҟоуп ҳәа, абри аҩуеит Hürriyet.
Урыстәыла АШәМ адыррақәа рыла, Украина АММ Урыстәыла аоперациа ҷыда иалагазар 420 мина шышьақәнаргылаз абаӷәазақәа Одесса, Очаков, Черноморск, Аладатәи рҭаларҭаҿы.
Иҟоуп ашәарҭара зҭыԥ иамҵны иаарту амшын ихылаз аминақәа аӡыбжьахала Босфор ала Адгьылбжьаратә мшын абассеин иахьаҵанакуахь инеир ҳәа.
"Арегион аҿы иҟоу аӷбақәа зегьы иӡсо аминақәа ыҟоу иҟаму иашьклаԥшуазароуп. Урҭ ма иреиԥшу аобиектқәа ргәаҭараан аиқәырхаратә операциа акоординациатә Центр анапхгарахь адырра ҟаҵатәуп", - ҳәа аҩуеит агазеҭ.
Уаанӡа аҟәатәи амшынтә баӷәаза акаԥдан Даур Ҭыжәба аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥсны аҵакыратә ӡқәеи амшынԥшаҳәеи аӷбақәа рыӡсаразы ишшәарҭам, Амшын еиқәа аҩада-мрагыларатәи ахәҭа иахьаҵанакуазы ҳәа.
Амшын еиқәа аӡымҩасра ахсаалала аӷбақәа рзы еиҳа ишәарҭараны иҟоуп алада-мраҭашәаратәии аҩада–мраҭашәаратәии амшынхәҭақәа.
Украина абаӷәазақәа рҟынтәи аминақәа ӡхылар, Аԥсны амшынӡы азы ишәарҭахом иҳәеит Ҭыжәба