Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа Ацхыраара лас амашьына анаҭеит

Ажьырныҳәамзазы Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы иаартын Ацхыраара ласы апункт, аха убри аан автопарк ажәын.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭа Ацхыраара лас амашьына ГАЗель NEXT анаҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Амашьына ҳаамҭа иақәшәо еиҿкаауп ачымазцәа рныҟәгараз, амцарцәагатә хархәага ацуп, иамоуп алшара ИВЛи акардиографини рықәыргыларазы.
Аԥсны
Тҟәарчалтәи араионтә хәшәтәырҭаҿы Ацхыраара ласы апункт аадыртит
Амашьына ацаԥха ахәшәтәырҭа аҳақьым хада Лали Гаргәылиа лнапы иаиркит аминистр Едуард Быҭәба.

"Иаҳхысыз ашықәс азы Апсны ахада Аслан Бжьаниа ахәшәтәырҭаҿ иҟазаараан анапхгара аҳәара ҟарҵеит ахәшәтәырҭа Ацхыраара ласы амашьына аҭазарц. Иахьа сара абрахь сааит абир амиссиа анагӡаразы. Ахада иажәа дамеижьеит", - иҳәеит Едуард Быҭәба.

Аусмҩаԥгатә далахәын араион ахада Исидор Дочиа. Иара иазгәеиҭеит уажәшьҭа ахәшәтәырҭа араион ауааԥсыра еиҳа хаҭабзиара ҳаракыла рымаҵ шыруло.
Лали Гаргәылиа атәыла ахадеи аминистри рганахь ала ҭабуп ҳәа лҳәеит. Иазгәалҭеит русура еиҳагьы ишеиӷьыртәуа.
Аминистр иҳәеит амедусзуҩцәа русура армариаразы амедусбарҭақәа равтопаркқәа маҷ-маҷ ишеиӷьыртәуа. Ииасыз ашықәс азы ахәшәтәырҭақәа ирыҭан Ацхыраара ласы амашьынақәа хәбеи аԥсеиқәрхагаки.