Аԥсны

Аԥсны аҵарашықәс ахыркәшара аҿҳәара шьақәыргылоуп

Аҵарашықәс мчыбжьык ацырҵеит жәабранмзазы ареспублика ашколқәа акарантин ахь иахьыҟаз азы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥсны аҵара аминистрра ареспублика ашколқәа рҿы аҵарашықәс анхыркәшахо арыцхәқәа шьақәнаргылеит ҳәа лҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз аҳҭнықалақь аҵара Анапхгараҭара аҟазауаҩ хада Марина Арышԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр идҵа ҭыҵхьеит абри аганахьала.

Актәи аклассқәа рзы аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы гараны иҟоуп лаҵара 27 рзы, 2-11 аклассқәа рзы – рашәара 3 азы.

Аҵарашықәс мчыбжьык ацырҵеит жәабранмзазы ареспублика ашколқәа акарантин ахь иахьыҟаз азы.
Марина Аршԥҳа ишылҳәаз ала аҵаҩцәа апрограмма рыҽҭарыгӡоит амаҭәарқәа зегь рыла.
Иара убасгьы ишьақәыргылоуп аԥышәарақәа ррыцхәқәагьы. Сынтәа аԥышәара рҭиуеит 9, 11 аклассқәа.
Ишьақәыргылоуп аихшьалатә аттестациақәа рымзар. Ажәбатәи акласс аҿы актәи аԥышәара рҭиуеит рашәара 8 азы, ажәеизатәи акласс аҿы – рашәара 6 азы.
Аԥышәарақәа разыҟаҵара аштаттә усурала имҩаԥысуеит.
Аԥсны
Аԥснытәи ашколқәа рыбжьара урыстәылатәи арҵагашәҟәқәа реихшара хыркәшахеит
Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы асанитартә нормақәа ирықәшәо имҩаԥгахоит.
“Иарбан уснагӡатәзаалак амҩаԥгараан асанитартә нормақәа ирықәныҟәалатәуп, избанзар COVID-19 хьамҵӡацт. Иара убас акәхоит аԥышәарақәа рыҭирагьы шыҟало", - ҳәа лҳәеит Арышԥҳа.
2022 шықәсазтәи аушьҭымҭацәа рныҳәа ҟало иҟамло макьаназ еилкаам.