Аԥсны

"Аԥсныеихамҩа" Гагра х-километрак ақәаршыҩцарҭақәа арыцқьоит

"Аԥсныеихамҩа" зрыцқьара иалагаз ақәаршыҩцарҭақәа иахьеимаҳаз иахҟьаны ақәоурақәа раан аӡы амҩақәа ирнылон, ахатәыҩнқәа ирыҵалон.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 – Sputnik, Бадри Есиава. "Аԥсныеихамҩа" Гагра х-километрак ақәаршыҩцарҭақәа арыцқьараны иҟоуп мызк аҩнуҵҟала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши.
"Гагартәи ахәшәтәырҭа иахьаҵанакуа аихамҩа мҩасуеит. Уи иаваршәны асовет аамҭақәа рзы ақәаршыҩцарҭа мҩанган. Акыршықәса ҵуеит идымрыцқьеижьҭеи. Аӡы анзымцалак амҩақәеи ахатә ҩынқәеи ирыҵалон", - иҳәеит иара.
Хазириши иажәақәа рыла аӡы аихамҩагь ҵнашәаауан.
"Аԥсныеихамҩа" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит арҭ арҩашцарҭақәа аиҿкаара абаланс аҿы ишыҟоу. Дара роура х-километрак иҟоуп. Аусурақәа мҩаԥыргоит хәҩык аусуҩцәеи атехника ҷыдеи.