Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Ердоган Амшын еиқәаҿы иӡсо аминақәа ирызку аинформациазы ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылоит иҳәеит

Урыстәыла АШәМ ишаҳә ала, Урыстәыла аоперациа ҷыда иалагазар Украина 420 мина шьақәнаргылеит абаӷәазақәа Одесса, Очаков, Черноморск, Аладатәи рҭаларҭаҿы. Зҭыԥ иамҵны амшын ихылаз аминақәа аӡыбжьахала Босфор ала Адгьылбжьаратә мшын аҵакыра иҭалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра Амшын еиқәаҿы иӡсо аминақәа рзы аинформациа аганахьала ауснагӡатәқәа аднакылоит ҳәа иҳәеит Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган.
Арегион аҿы иҟоу аӷбақәа зегьы иӡсо аминақәа ыҟоу иҟаму иашьклаԥшларц аҳәара ҟарҵеит Ҭырқәтәыла АММ ҳәа аҩуеит агазеҭ Hürriyet.
"Абри инадҳәаланы Амилаҭтә хьчара аминистрра иахәҭаны иԥхьаӡоу ауснагӡатәқәа аднакылоит", - ҳәа иҳәеит Ердоган Нидерландқәа рԥыза-министри иареи имҩаԥыргаз апресс-конференциаҿ.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ҭырқәтәыла аӷбақәа ргәы рҽанырҵеит иӡсо аминақәа ршәарҭара ыҟоуп ҳәа
Уаанӡа аҟәатәи амшынтә баӷәаза акаԥдан Даур Ҭыжәба аҳәамҭа ҟаиҵахьан Аԥсны аҵакыратә ӡқәеи амшынԥшаҳәеи аӷбақәа рыӡсаразы ишшәарҭам, Амшын еиқәа аҩада-мрагыларатәи ахәҭа иахьаҵанакуазы ҳәа.
Амшын еиқәа аӡымҩасра ахсаалала аӷбақәа рзы еиҳа ишәарҭараны иҟоуп алада-мраҭашәаратәии аҩада–мраҭашәаратәии амшынхәҭақәа.
Украина абаӷәазақәа рҟынтәи аминақәа ӡхылар, Аԥсны амшынӡы азы ишәарҭахом иҳәеит Ҭыжәба