Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи ар ацәыӡқәа рацәаны ирымоуп ҳәа иҳәеит Пушилин

Мызк ҵырц егьагым Урыстәыла Донбасс ареспубликақәа рнапхгаҩцәа иҟарҵаз аҳәарала Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда мҩаԥнагоижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Украинатәи ар ацәыӡ дуқәа рымоуп, урҭ рхарҭәааразгьы лшара рымам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ДЖәР ахада Денис Пушилин ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.

"Аӷа ицәыӡқәа рацәоуп. Ҳара ҳганахь алеи Урыстәыла ар рганахь алеи алшарақәа ҟаҵоуп аӷа ир рахь абџьари аџьаԥҳани, афатә-ажәтә рынамышьҭразы, ар рҽеиҭакра алмыршаразы", - иҳәеит Пушилин.

Донецктәи Ареспублика ахада иазгәеиҭеит аоперациа ҷыда шымҩаԥысуа ишьақәыргылаз аамҭеихшареи ауснагӡеи инарықәыршәаны.
Жәабран 24 аахыс Урыстәыла Донбасс ареспубликақәа рнапхгаҩцәа иҟарҵаз аҳәарала Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит. Урыстәылатәи ар абџьар ҷыдала аӷа ири ирратә инфраструктуреи аахақәа рырҭоит. Аҩ-ганкгьы рҟны ацәыӡқәа ыҟоуп. Аурыс ар рыцхыраарала ажәыларақәа мҩаԥыргоит Донецки Лугански рыргьы.
Аԥсны Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа адгылара анаҭеит, Москва инашьҭарххны ДЖәРи ЛЖәРи рсуверенитет азханаҵеит. Иара убасгьы Аҟәа ирыдыркылеит Донбасстәи ахҵәацәа. ДЖәРи ЛЖәРи руааԥсыра Аԥснынтәи ирзышьҭуп агуманитартә цхыраара.