Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: урыстәылатәи ар Новомихаиловка акалҭ аҿы аибашьра иаҿуп

Украинатәи ар изныкымкәа Новомихаиловка аҟынтәи ДЖәР аиланхарҭақәа ирылахысхьан..
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 24 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа аибашьра иаҿуп Новомихаиловка аладатәии алада-мрагыларатәии ахәҭақәа рҿы ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков абрифинг аҿы. Авидео аунашьҭит РИА Новости.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә ргыларақәа 100 ҭадырхеит
"Урыстәылатәи арратә мчқәа мышкы аҩнуҵҟа ҩ-километрак ԥхьаҟа инеины Украина арбџьар мчқәа 54-тәи хаз игоу абригада иаҿагылоуп Новомихаиловка аладатәии алада-мрагыларатәии ахәҭақәа рҿы ", - иҳәеит Конашенков.
Иара иҳәеит ДЖәР аруаа 25-тәи аҳауа-десанттә бригада ишабашьуа ақыҭақәа Каменкеи Новобахмутовкеи анапахь раагаразы ҳәа.
Арратә операциа ҷыда мҩаԥысуанаҵы урыстәылатәи ар иҭадырхеит: аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 255, 189 зенит-ракетатә комплекс, 1564 танки акәылӡы машьынақәеи, 158 реактив-систематә шьақәгыла, 627 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгеи, 1367 ак арратә техника иҳәеит Конашенков.
Уи адагьы урыстәылатәи авиациа Украина 86 арратә хыбра еиланарбгеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Азҵаараҭҵаара: 70 процент иреиҳаны урыстәылаа Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иадгылоит