https://sputnik-abkhazia.info/20220323/urystyla-arbarmcha-uakhyki-naki-ryla-ukraina-arrat-rgylaraa-100-adyrkheit-1038262490.html
Урыстәыла Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә ргыларақәа 100 ҭадырхеит
Урыстәыла Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә ргыларақәа 100 ҭадырхеит
Sputnik Аҧсны
Украина абџьархыхра иазку арратә операциа ҷыда Урыстәыла имҩаԥнагоит жәабран 24 аахыс. Аҩганк рганахь ала ацәыӡқәа ыҟоуп. ДЖәР ахада иажәақәа рыла Украинатәи... 23.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-23T14:16+0300
2022-03-23T14:16+0300
2022-03-23T14:16+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
джәр
лжәр
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/15/1038227594_0:0:3341:1879_1920x0_80_0_0_ecf0dec05d2d013eac872871279e9310.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа – аоператив-тактикатәии арратәи авиациеи ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә ргыларақәа 100 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.Иара убасгьы иҭархоуп атактикатә ракетатә комплекс "Точка-У" аиҵаҵагеи аҭырҟьагеи – Киев аҩадатәи ахәҭаҿы, ЗРК "Бук-М1" фба, С-300, амашьына ЗРК "Оса", адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа жәаба, артиллериатә шьақәгылақәа ааба, НАТО атәылақәа рҿы иҭыжьу артиллериатә ԥшыхәра астанциақәа хԥа.Уи адагьы аинрал-маиор иҳәеит уи аԥхьа Урыстәыла ахарахысраз алшара змоу абџьар ҷыдала Ровно амҵан Мраҭашәарантәи иаашьҭу украинатәи ар рабџьари рырратә техникеи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭеи шҭадырхаз.Иара убасгьы аверталиотқәа Ка-52, Ми-28, атанкқәа ааба, БМПқәеи БТРқәеи хәба, автомашьынақәа жәба, адотқәа хԥа, артиллериеи аминаршәгақәеи быжьба.Уажәтәи аамҭазы урыстәылатәи арҟәшақәа УАМ хаз иго 54-тәи абригада иаҿагыланы Новомихаиловка азы аибашьра иаҿуп ҳәа иҳәеит аинрал-маиор. Украинатәи ар изныкымкәа ари ақыҭа аҟынтәи ДЖәР аиланхарҭатә ҭыԥқәа ирылахысхьан.
https://sputnik-abkhazia.info/20220323/ukrainati-ar-atsya-ratsany-irymoup-a-ieit-pushilin-1038260976.html
джәр
лжәр
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/15/1038227594_445:0:3176:2048_1920x0_80_0_0_2fff9f49756450a929f383c377a1651c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина
ажәабжьқәа, джәр, лжәр, украина
Урыстәыла Арбџьармчқәа уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә ргыларақәа 100 ҭадырхеит
Украина абџьархыхра иазку арратә операциа ҷыда Урыстәыла имҩаԥнагоит жәабран 24 аахыс. Аҩганк рганахь ала ацәыӡқәа ыҟоуп. ДЖәР ахада иажәақәа рыла Украинатәи ар рцәыӡқәа рхарҭәааразы алшара рымам.
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа – аоператив-тактикатәии арратәи авиациеи ииасыз уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә ргыларақәа 100 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит
РИА Новости Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак ҷыда Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә шьақәгылақәа - ПВО уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа икарыжьит: украинатәи Су-24, аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 16, "Байрактар ТБ-2" хԥа налаҵаны аиланхарҭатә ҭыԥқәа Рожин, Карашев, Максим Горьки иахьрыҵаркуа", - иҳәеит Конашенков.
Иара убасгьы иҭархоуп атактикатә ракетатә комплекс "Точка-У" аиҵаҵагеи аҭырҟьагеи – Киев аҩадатәи ахәҭаҿы, ЗРК "Бук-М1" фба, С-300, амашьына ЗРК "Оса", адҵаҟаҵаратә ҭыԥқәа жәаба, артиллериатә шьақәгылақәа ааба, НАТО атәылақәа рҿы иҭыжьу артиллериатә ԥшыхәра астанциақәа хԥа.
Уи адагьы аинрал-маиор иҳәеит уи аԥхьа Урыстәыла ахарахысраз алшара змоу абџьар ҷыдала Ровно амҵан Мраҭашәарантәи иаашьҭу украинатәи ар рабџьари рырратә техникеи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭеи шҭадырхаз.
Иара убасгьы аверталиотқәа Ка-52, Ми-28, атанкқәа ааба, БМПқәеи БТРқәеи хәба, автомашьынақәа жәба, адотқәа хԥа, артиллериеи аминаршәгақәеи быжьба.
Уажәтәи аамҭазы урыстәылатәи арҟәшақәа УАМ хаз иго 54-тәи абригада иаҿагыланы Новомихаиловка азы аибашьра иаҿуп ҳәа иҳәеит аинрал-маиор. Украинатәи ар изныкымкәа ари ақыҭа аҟынтәи ДЖәР аиланхарҭатә ҭыԥқәа ирылахысхьан.