"Аҿар рыбжьы": аԥсуа ашәеи ажәеи рмырӡразы

Аԥсны аестрадатә шәаҳәаҩцәа рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысит хәажәкыра 23-24 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.
Sputnik
21 шықәса ҵуеит Аестрадатә ашәақәа рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа уи аԥҟара ҿыцқәа алагалан. Раԥхьаӡа акәны аицлабра рхы аладырхәит 20 шықәса инаркны изхыҵуаз аиҳабыратә гәыԥ ахь иаҵанакуаз ашәаҳәаҩцәа.
Зынӡа аицлабра иалахәын 56-ҩык аҿар Аԥсны ахи-аҵыхәеи рҟынтәи.
"Гран-При" даԥсахеит абжьаратә гәыԥ аҿы ашәа зҳәоз Алан Кархалаа, аиҳабыратә гәыԥ аҿы - Мариа Истомина.
Аестрадатә ашәақәа рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы" аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла, иара хықәкыс иамоуп аԥсуа ашәа амырӡра, аҿар аԥсуа естрада агәыбылра дыркра.
1 / 15

Аԥсны аестрадатә шәаҳәаҩцәа рреспубликатә конкурс "Аҿар рыбжьы" мҩаԥысит хәажәкыра 23-24 рзы Аҳәынҭқарратә филармониаҿы.

2 / 15

Сынтәа иара мҩаԥысуеижьҭеи 21 шықәса ҵуеит.

3 / 15

Аконцерт актәи амш азы иқәгылеит 6-8, 9-10 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа.

4 / 15

Аҩбатәи амш аан иқәгылон 11-13, 14-16 шықәса зхыҵуа ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа.

5 / 15

Иара убас раԥхьаӡа акәны аицлабра рхы аладырхәит 20 шықәса ирҭысхьоу аиҳабыратә гәыԥгьы.

6 / 15

Аицлабра рхы аладырхәырц Аҟәаҟа иааит Аԥсны ахы-аҵыхәа аҟынтәи 56-ҩык ашәаҳәаҩцәа.

7 / 15

Аконкурс аҟны ихымԥадатәиу ԥҟаран аԥсыуашәак анагӡара, анаҩс доусы ихатә гьамала иалихуа.

8 / 15

Аиҵбыратә гәыԥ иаҵанакуаз ахәыҷқәа раԥхьаӡакәны асцена ду ахь ицәырҵит.

9 / 15

Ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы рықәгыларақәа акәашаратә номерқәа рыла ирԥшӡан.

10 / 15

Аицлабраҿы аҿар ирылаз аҟыбаҩ бзианы иаадырԥшит.

11 / 15

Еиҳаӡоу аҳамҭа "Гран-При" даԥсахеит абжьаратә гәыԥ алахәыла Алан Кархалаа.

12 / 15

Аиҳабыратә гәыԥ аҿы "Гран-При" даԥсахеит ашәаҳәаҩ Мариа Истомина.

13 / 15

Аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа разыҟаҵаразы анапхгаҩцәагьы ирбаз аџьабаа ахә шьаны, иранашьан аҳаҭыртә ҳамҭақәа.

14 / 15

"Аҿар рыбжьы" иалахәыз ашәаҳәаҩцәа зегьы алкаан хьыӡҳәала, иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәеи амедалқәеи.

15 / 15

Аицлабра аиҿкааҩ Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла, "Аҿар рыбжьы" хықәкыс иамоуп аԥсуа ашәа амырӡра, аҿар аԥсуа естрада агәыбылра дыркра.