Аԥсны

Бжьаниеи Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәара иалацәажәеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Хәажәкыра 25 рзы иара диԥылеит Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Александр Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәареи иара убасгьы анефҭаалыҵқәа рыхәԥсашьақәыргылара азҵаареи иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп аиԥылараҿы егьырҭ актуалтә зҵаарақәагьы ишрылацәажәаз.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит хәажәкыра 23 рзы. Ари 2022 шықәсазтәи Урыстәылаҟа раԥхьатәи усутә ныҟәароуп, уи аԥхьа усутә ныҟәарыла Урыстәыла дыҟан иҳаҩсыз ашықәсазы ҭагалан.