Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниеи Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәара иалацәажәеит

© Foto / Пресс-служба президента АбхазииБжьаниеи Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәара иалацәажәеит
Бжьаниеи Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәара иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Хәажәкыра 25 рзы иара диԥылеит Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аслан Бжьаниеи Александр Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәареи иара убасгьы анефҭаалыҵқәа рыхәԥсашьақәыргылара азҵаареи иалацәажәеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп аиԥылараҿы егьырҭ актуалтә зҵаарақәагьы ишрылацәажәаз.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит хәажәкыра 23 рзы. Ари 2022 шықәсазтәи Урыстәылаҟа раԥхьатәи усутә ныҟәароуп, уи аԥхьа усутә ныҟәарыла Урыстәыла дыҟан иҳаҩсыз ашықәсазы ҭагалан.
Ажәабжьқәа зегьы
0