Аԥсны

Гәылрыԥшь араион аҿы аҩнеихагыла блит

Аԥсны аҩнқәеи ауадақәеи рҿы амцакрақәа мзызс ирымоуп афымцатә цәаҳәақәа рыуашәшәырареи ирықәло ахьанҭарақәеи.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭаҿы аҩнеихагыла блит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.

Асааҭ 05:22 азы адырра шыҟалаҵәҟьаз аҭыԥ ахь идәықәлеит Гәылрыԥшь араион амцарцәаҩцәа.

Амцакра иахҟьаны аҩбатәи аихагылеи актәи аихагылаҿ уаҭахки блит.
Ауааԥсыра аӡәгьы ԥырхага имоуит. Амцакра зыхҟьаз шьақәдыргылоит.