Аԥсны

Лавров: Урыстәылеи Аԥсни рполитикатә диалог агәахәара ҳнаҭоит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥысит хәажәкыра 25 рзы, Москва.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Урыстәыла Аԥсни иареи рполитикатә диалог агәахәара анаҭоит, ԥхьаҟагьы ари апроцесс арҿиоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи иареи реиԥылараан.

"Аԥсни Урыстәылеи рполитикатә диалог, рырра-техникатә усеицура, рыхәаахәҭра-економикатә еинырра, агуманитартә, акультуратә, аинвестициатә усхк аҟны русеицура агәахәара ҳнаҭоит. Ажәларгьы уи ргәаԥханы ирыдыркылоит", - иҳәеит Лавров.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Хәажәкыра 25 рзы иара диԥылеит Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
Аԥсны
Бжьаниеи Новаки Аԥсны газлеи фымцамчлеи аиқәыршәара иалацәажәеит